Сгәы иҭоу, рацәоуп исӡом
Сызхуцра ҳәа ак алхны исымам
Схы иҭоу, зынӡа ихуашьӡоуп
Урҭ еилзырго, тынха ҳәа дрымам
Уаха, ацх хықә ҳәа ианцо
Сыҩноуп еиҭах сыҩны сзышьццыло
Абас, сангәаҟуа абас, са сахь бара бааиуеит.
Бара боуп, сан гәакьа боуп
Анцәа ду ихьӡ еснагь сқьышә иқуп
Ибыхшаз, ҳазиҳәоит ауп
Ианҧыбҽуа ацҳ ацәашьы зыбку
Сан боуп сзықәшәазаалакь
Сгәы ак алакьакьар ба боуп издыруа
Еснагь, быҕәҕәо џьысшьон бышлара аанӡа
Сиҳәап анцәа уа сбыцышларц
Сиҳәап еиҭа, блақҭа ччаларц
Бымчқәа хынҳәыр, ус мачк иааҧшыр
Сшьамх арсны сгылоуп уигьы дыр
Унзырхахьо, сазхәыцхьеит акыр
Сеилкаара аамҭа ааит
Быҧшуеит, амҩахь быҧшуеит
Издыруада, ргәы сныҵалазар ҳәа
Иаауеит, зегь акоуп ибзаауеит
Анцәа бызҳәо быбжьы иаҳазаап
Бгәыкуеит, агәра бгаӡом
Иац еиҧш ҳхуычны, бкалҭ ҳшахьынҳалам
Бара бзы, еснагь ҳаҧшқоуп
Уаҵәы сеиҭааиуеит.
Сиҳәап анцәа уа сбыцышларц
Сиҳәап еиҭа, блақҭа ччаларц
Бымчқәа хынҳәыр, ус мачк иааҧшыр
Сшьамх арсны сгылоуп уигьы дыр
Унзырхахьо, сазхәыцхьеит акыр
Сеилкаарагь аамҭа ааит
Mr. Erik feat Gumbaland еще тексты
Другие названия этого текста
- Mr. Erik feat Gumbaland - Сан гәакьа (0)
- Mr. Erik feat Gumbaland - Сан гәакьа (0)
Оценка текста
Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1