Гуру Песен Популярное
А Б В Г Д Е Ж З И К Л М Н О П Р С Т У Ф Х Ц Ч Ш Э Ю Я
# A B C D E F G H I J K L M N O P Q R S T U V W X Y Z

Ажәлар - Ачандара | Текст песни

Уа, дызбада, уа, дзаҳада –
Лыҧшра-лсахьа деиҿкааны,
Лышьҭрагь наганы, ҳәарада,
Илуа-илҳәо зегь хааны?

Дыҟаз ашьха, дыҟаз ага –
Даабар акәын уи ҳара,
Абри лҩыза агәазырҳага,
Ҳлаҩсны ҳцозма ҽаџьара!

Даара, даара, даара, даара,
Даара, даара даҳгәаҧхоит,
Аҷандара, Аҷандара,
Аҷандараҟа даагоит! (3 раза)

Изышьҭадаз Калдахәараа,
Иззыҧшыдаз Уаҭҳараа?
Иҟамлароуп шьҭа гәынхара,
Акгьы ҳхараӡам ҳара!

Арҧар зҿузеи, бзиа збаша –
Бармышь, Блабырхәа, Џьырхәа?
Зынџьы исҳәан еиҧш (дара рҳәашьа!),
Гәында илышьҭоу еицрыхәхәа?

Даара, даара, даара, даара,
Даара, даара даҳгәаҧхоит,
Аҷандара, Аҷандара,
Аҷандараҟа даагоит! (3 раза)

Аацаа гылан Ааҧсҭа ахықәан,
Иаҳзыҧшуеит ишанханы,
Амҩа ҳарҭоит Абӷархықәаа,
Ҳшаҷандаратәқәоу баны!

Дәырҧшьаа ҭацала ҳариааиуа –
Малла ибеиоуп – иаарычҳап!
Насгьы, ҳчарашҟа ианааиуа –
Харшәла ишаҵамхо ҳдырбап!

Даара, даара, даара, даара,
Даара, даара даҳгәаҧхоит,
Аҷандара, Аҷандара,
Аҷандараҟа даагоит! (3 раза)

Ажәлар еще тексты


Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1
Видео
Нет видео
-