Анцәеи ауааи
Иҟоуп ҩажәак, ҩажәа нагак,
Урҭ еицуп – Анцәеи ауааи.
Дҟалаӡаргьы хагак, ҧагьак –
Ицахьада урҭ ириааи!
Бзиа ҳуама, цәгьара ҳуама –
Абриакаҿ зегь ҳаиҧшуп:
Анцәа иҿаҧхьа зегь ҳаргамоуп,
Ауаа рҿаҧхьагь – зегь ҳаартуп.
Иагьаҩы сеицаркырц иашьҭаз,
Иагьарыла рҽеибарк иааи...
Аха исымоуп урҭ ирхашҭыз –
Са сырбоит Анцәеи ауааи.
Рыхьӡ мҳәакәа, рылҧха мҳәакәа,
Ҵәыца сҩахом, ӡы сахәом.
Убри ауп сымшәа-смырҳакәа
Сиаша зназгогь – маӡа сҳәом.
Иагьаҩы сеицаркырц иашьҭаз,
Иагьарыла рҽеибарк иааи...
Аха исымоуп урҭ ирхашҭыз –
Са сырбоит Анцәеи ауааи.
Ашьхардац еще тексты
Оценка текста
Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 2