Гуру Песен Популярное
А Б В Г Д Е Ж З И К Л М Н О П Р С Т У Ф Х Ц Ч Ш Э Ю Я
# A B C D E F G H I J K L M N O P Q R S T U V W X Y Z

Георгий Квеквескири - Ахәрашәа | Текст песни

Сыҧсыдгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы,
Сҩызцәеи сашьцәеи рыгәымшәара сымоуп саргьы.
Ахы сықәшәаргьы, сызгаша сара
Удгьыл ҳалал самоудап гәыблыла уара.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зыҽҳәароу.

Иахьа иумоуп ахәра ӷәӷәала ихьанҭоу,
Иуџьабоит уҵеицәа зыҧсы ухҭаҵо.
Унышә кәымпыл рықәҳаҧсап ҳнапала,
Уара иуыхьчап гәыблыла иугәыдуҳәҳәала.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зыҽҳәароу.

Урҭ ршьа аауырцаз ҳаҟоуп ҭоубауны,
Ахақәиҭра рзааҳгарц ҳгылоуп ҳахианы.
Сабиҧара змырӡыз сашьцәа сықәлацәа,
Хашҭра шәықәны шәыҟам шәарҭ наунагӡа.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зыҽҳәароу.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зыҽҳәароу.

Георгий Квеквескири еще тексты


Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1
Видео
Нет видео
-