Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳара ҳтәыла
Ҳазмоу гәыбылроуп ҳаибаркны
Аҭынчразы уҵеицәа ҳаидгылан
Ҧхьаҟа ҳнеиуеит ҳбыираҟ лаша кны
Шәаҳхашҭуам ҳашьцәа афырхацәа
Ахақәыиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз
Аҭоуба шьҭаҳҵоит шәҿаҧхьа
Ҳшанымҵуа уыи амҩа иаҳшәырбаз.
[Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳаҧсҭазаара
Ҳадгьыл ҳаҧсы зыҿҳәароу
Ҳныхақәа рымч ҳа ҳмазара
Доуҳала ҳаҧсадгьыл зыхьчо.] 2х
Ҳцоит ахьыҧшымра мҩала
Уыи амҩа ҳацәхьаҵуам бзанҵы
Ҳамч, ҳдырра, иеизаагап ҳалшара
Ҳаҧсадгьыл иазаҳкып ҳаҧсы.
Шәаҳхашҭуам ҳашьцәа афырхацәа
Ахақәыиҭреи ахьыҧшымреи ҳзаазгаз
Аҭоуба шьҭаҳҵоит шәҿаҧхьа
Ҳшанымҵуа уыи амҩа иаҳшәырбаз.
[Ҳаҧсадгьыл Аҧсны ҳаҧсҭазаара
Ҳадгьыл ҳаҧсы зыҿҳәароу
Ҳныхақәа рымч ҳа ҳмазара
Доуҳала ҳаҧсадгьыл зыхьчо.] 3х
Гимн Молодёжи Абхазии еще тексты
Оценка текста
Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1