Аҭаҭын
Уааи, ҳаидтәалап, сашьа,
Аамҭа ҳамоуп минутқәак.
Аибашьра аҧхьа ҳаицахап,
Ицәырга укьаса аҭаҭын.
Исгәаҧхоит уҟазшьа,
Алым уеиҧшуп уанықәҧо.
Уара уҩыза аҩыза сара еснагь дысҭахын.
Иҧшуп ҳара ҳҩызцәа, избоит
Рхы-ргәы зегь раҧысуа.
Иҭшәоуп дара рзыҳәан аҭабиа
Баагәаран изҭаз.
Иидыруашәагь иихьша аӷа уажәы-уажәы дхысуеит,
Ҳара ҳазыҧшыми ҧхьаҟа ҳәа ианҳарҭо адҵа.
Знык аҭабиа ҳанҭыҵ, аӷа хәымга иумҭан хҩаха
Саргьы иамца иркы уи дсышьҭыроуп дызхысыз дахыжь
Уи уашьҭангьы ҳахьӡап ҭаҭынк цәырга, ҳаицахап,
Аамҭа ҳамам усҟак уласы, саргьы абжа сызныжь.
Иҧшуп ҳара ҳҩызцәа, избоит
Рхы-ргәы зегь раҧысуа.
Иҭшәоуп дара рзыҳәан аҭабиа
Баагәаран изҭаз.
Иидыруашәагь иихьша аӷа уажәы-уажәы дхысуеит,
Ҳара ҳазыҧшыми ҧхьаҟа ҳәа ианҳарҭо адҵа.
Ҩ-ҧсҭазаарак ҳамам, уаҩ дыҟам ҩ-хыкгьы зхагылоу,
Ишҳалшоз ҳаҧсадгьыл иазеиӷьыз аусқәа харҿын,
Аҳа, нас, ҧхьаҟа, иҵәаа-ҵәаауа ахызаҵәқәа сҧылоит,
Сзеиқәмхар, сҳаҭгәынаҿ инықәҵа сызмыхаз аҭаҭын.
Иҧшуп ҳара ҳҩызцәа, избоит
Рхы-ргәы зегь раҧысуа.
Иҭшәоуп дара рзыҳәан аҭабиа
Баагәаран изҭаз.
Иидыруашәагь иихьша аӷа уажәы-уажәы дхысуеит,
Ҳара ҳазыҧшыми ҧхьаҟа ҳәа ианҳарҭо адҵа.
Нарсоу Абухба еще тексты
Оценка текста
Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1