Гуру Песен Популярное
А Б В Г Д Е Ж З И К Л М Н О П Р С Т У Ф Х Ц Ч Ш Э Ю Я
# A B C D E F G H I J K L M N O P Q R S T U V W X Y Z

Саида Агрба - Аҧсынра | Текст песни

Гәыӷырҭас исымоу, сзарлашо
Сгәы иҭалан изырҧхо
Уара аӡәк уоуп уаҳа аӡәгьы ҧсыс исхоу
Угәыбылра зызкәу зегь рынасыҧ хьаас измо уара
Зегьы урыхьӡоит аха џьоукы урбом зынӡа

Аҧсуа иҧсы ҭанаҵы иеисуеит угәы
Ҳҭоурых дәу абжьы ықәыҩуеит угәы
Узақәыиҭра азы зхы иамеигӡаз уҵеицәа уџьабоит

Агәырҩа иумоу ҳаумырбарцаз улашоит
О, Аҧсынра, ушьа злоу дарбанзаалагь илоуп афырхаҵара
Данбамыихьоу Аҧсынра иззымдыруа агәымшәара захьӡу?!
Уара уоуп ҳаҧсы знапы иану

Ухьӡ иҧшьоу уи зыбзоуроу анцәа
Ибоит угәаҟрақәа
Иухало аҧҭақәа еиҩызҧаауа
Ухәруқәа зырӷьо зықьнышықәса
Доуҳала ҳгәы чаҧа
Ҳрыцҳашьа ҳара, унапы ҳануп

Аҧсуа иҧсы ҭанаҵы иеисуеит угәы
Ҳҭоурых дәу абжьы ықәыҩуеит угәы
Узақәыиҭра азы зхы иамеигӡаз уҵеицәа уџьабоит

Агәырҩа иумоу ҳаумырбарцаз улашоит
О, Аҧсынра, ушьа злоу дарбанзаалагь илоуп афырхаҵара
Данбамыихьоу Аҧсынра иззымдыруа агәымшәара захьӡу?!
Уара уоуп ҳаҧсы знапы иану

муз. А.Гумба сл. Э.Микая

Саида Агрба еще тексты


Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1
Видео
Нет видео
-