Гуру Песен Популярное
А Б В Г Д Е Ж З И К Л М Н О П Р С Т У Ф Х Ц Ч Ш Э Ю Я
# A B C D E F G H I J K L M N O P Q R S T U V W X Y Z

Ферзба Отар - Ахәрашәа узысҳәоит (Песня о ранении) | Текст песни

Сыҧсыдгьыл гәакьа ухчараз сеигӡом са схы,
Сҩызцәеи сашьцәеи рыгәымшәара сымоуп саргьы.
Ахы сықәшәаргьы, сызгаша сара
Удгьыл ҳалал самоудап гәыблыла уара.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Иахьа иумоуп ахәра ӷәӷәала ихьанҭоуп,
Иуџьабоит уҵеицәа зыҧсы ухҭаҵо.
Унышә кәымпыл рықәҳаҧсап ҳнапала,
Уара иуыхьчап гәыблыла иугәыдуҳәҳәала.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Урҭ рышьа аауырцаз ҳакоуп тоубауны,
Ахақәиҭра ырзааҳгарц ҳгылоуп ҳахианы.
Сабиҧара змырӡыз сашьцәа сықәлацәа,
Хашҭра шәықәны шәыҟам шәарҭ наунагӡа.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Ахәрашәа узысҳәоит, сыҧсадгьыл
Ахәрашәа ахәра зырӷьо.
Ухьаақәа ухашҭыҧ са сшьамдгьыл,
Исызгәакьоу сыҧсы зычҳароу.

Ферзба Отар еще тексты


Другие названия этого текста
  • Гьаргь Кәакәасқьыр - Ахәрашәа (0)
  • Ферзба Отар - Ахәрашәа узысҳәоит (Песня о ранении) (0)
  • Ферзба Отар - Ахәрашәа (0)
Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1
Видео
Нет видео
-