Гуру Песен Популярное
А Б В Г Д Е Ж З И К Л М Н О П Р С Т У Ф Х Ц Ч Ш Э Ю Я
# A B C D E F G H I J K L M N O P Q R S T U V W X Y Z

Микаа Ерик - Адыга Т,аца | Текст песни

Адыга ҭаца
Адыга-ԥшына, иҳәа нас «Аураашьа»!
О, ри-ра, ори-ра, ори-ра!
Ҳашҭаҿы гәырӷьароуп, ажәлар еизыжәгала!
Шәҩахала саԥсақәа, ҳҭалозар шьардаамҭа!
Дҭаҳгалоит ашҭа адыга ҭаца!
О, ри-ра, ори-ра, ори-ра!
О, рада, адыга-ҭаца, лыԥшӡара илыхәаԥшуа ргәаҵа
Гәыӷрала иҭәуп, аҿиара иатәуп!
Адыга-ҭаца дҭаҳгалоит ашҭа,
Радеда еиҵышәх, иахьа, гәырӷьароуп!
Ҳаҷкәанцәа гәымшәақәа, зкәымжәы ԥшӡа иҭаҟацоу!
О, ри-ра, ори-ра, ори-ра!
Ҳабацәа ргәеисыбжь иалҵыз роуп ашәақәа.
Ишьыцлааит амра ԥха, шәыԥшӡара гәаҭаны!
Дҭаҳгалоит ашҭа адыга ҭаца…
О, ри-ра, ори-ра, ори-ра!
О, рада, адыга-ҭаца, лыԥшӡара илыхәаԥшуа ргәаҵа
Гәыӷрала иҭәуп, аҿиара иатәуп!
Адыга-ҭаца дҭаҳгалоит ашҭа, Радеда еиҵышәх, иахьа, гәырӷьароуп!
Алаҳәеиԥш еиқәароу уҽы ԥшӡа кәаша-кәашо,
О, ри-ра, ори-ра, ори-ра!
Амза хаҿылашеиԥш, уҟама раӡыншаха!
Адыд мацәыс еиԥш, изыршанхо иухәаԥшуа,
Дҭаҳгалоит ашҭа адыга-ҭаца…
О, ри-ра, ори-ра, ори-ра!
О, рада, адыга-ҭаца, лыԥшӡара илыхәаԥшуа ргәаҵа
Гәыӷрала иҭәуп, аҿиара иатәуп!
Адыга-ҭаца дҭаҳгалоит ашҭа
О, ри-ра, ори-ра, ори-ра!


Статистика страницы на pesni.guru ▼
Просмотров сегодня: 1
Видео
Нет видео
-